Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Барганџьиа ахәаҷақәа рнырҵәаразы ахәшәқәа ршара аус иазкны

Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәаҷақәа рнырҵәаразы ахәшәқәа рыла араионқәа ахьынӡеиқәыршәоу атәы, ачымазарақәа рахьынтә еиҳарак аларҵәара змоу.
Sputnik
Араионқәа зегьы еихшаны ахәшәқәа раҳҭеит, анаҩс аҭыԥан иҟоу ақыҭанхамҩа аминистрра ақыҭақәа рахь ирзырышьҭуеит ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа аиҿцәажәараҿы.
"Ақыҭанхамҩа аминистрра араионтә ҟәша иахәаԥшуеит еиҳа аҭагылазаашьа ахьыцәгьоу, ахәшәтәра уажәнатә иахьаҭаху, убасала ақыҭақәа еихшаны ирырҭоит. Аԥхьатәи аҿагыларазы уажәы зегьы шоуп. Ачымазарақәа иаҳа иҵысны иахьыҟоу Очамчыреи Тҟәарчали рраионқәа рҿоуп. Уажә ҿыцны иҳауит амармалташьтә пты аҟынтә ахәшәгьы - 15 нызқь литра. Урҭгьы шаны араионқәа ирыҭахоит. Уи анаҩс рыбӷа икыдырҵо ахәшә ақәҭәагақәа шаны ираҳҭахьан, урҭгьы рымазароуп. Доусы ибаҳча атрактор ала ахәшәтәра алшара ыҟаӡам", - иҳәеит Барганџьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.