Аԥсны

Едуард Быҭәба: ковид ацәқәырԥа ҿыц Аԥсны завымсит

Ԥхынгәы 15 -19 рыҩнуҵҟа ареспубликаҿ 23 коронавирустә хҭыс аарԥшуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Акоронавирус аҽазныкгьы ицәырҵит, уи Аԥсны изавымсит ҳәа иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

"Адунеи зегьы аҿы авирус аҽеиҭацәырнагеит. Аԥсынгьы аганахь инымхеит. Ижәбеит икьыԥхьыз адыррақәа - 23 пациент авирус рыдбалоуп ареспубликаҿ. Дара амбулаторла рҽырхәышәтәуеит. Макьаназ шәарҭара ыҟам, аҭагылазаашьа ҳахылаԥшуеит", - иҳәеит иара.

Быҭәба иҳәеит Гәдоуҭатәи аковид госпиталь астационар аҿы 12-ҩык шышьҭоу. Жәаҩык рҭагылазаашьа уашәшәырам, ҩыџьа – бжьаратәуп.
Ареспублика араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы аус руеит ПЦР-анализқәа рыҭарҭа, Аҟәа - аҿкчымазаратә хәышәтәырҭеи ахәыҷтәы поликлиникеи рҿы. Аковид ашьақәырӷәӷәараз анализ аҳақьым инапынҵала иарҭоит, абиоматериал ргоит зсимптоматика убарҭоу рҟынтә.
Аԥсны
Ԥхынгәы 15 раахыс Аԥсны 23-ҩык акоронавирус шрымаз шьақәырӷәӷәан
Аминистрраҿы Sputnik акорреспондент иарҳәеит иахьазы ишыҟоу 1185 доза алаҵа "Спутник Лайт". Атәыла атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа илҳәеит уажәы алаҵа шеиҭаҿарҵаз.
"Уажәазы иҳамоу "Спутник Лайт" ауп. Еиҭаҿаҳҵеит "Спутник V", "Спутник Лайт". Иазхо ацәеижьҿагылақәа шьақәгылаанӡа аиҭалаҵаҟаҵара мҩаԥаагалоит ес-шықәсыбжа. Алаҵа рзыҟаҳҵалоит изҭаху, уи зԥырхагам", - ҳәа лҳәеит лара. Атерапевт лажәақәа рыла ареспублика араионқәа зегьы рҿы алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥқәа аартхоит.
Аԥсны
Аԥсны 20 нызқьҩык иреиҵамқәа акоронавирус азы алаҵа ҟарҵеит апандемиа аамҭа иалагӡаны