Аԥсны

Гагра араион ахада ашықәсбжатәи аҳасабырба ҟаиҵеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион ауааԥсыреи анапхгареи дырԥылеит ԥхынгәы 22 рзы.
Sputnik
ГАГРА, ԥхынгәы 22 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион ахада Иури Хагәышь ашықәсбжатәи аҳасабырба ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа.
2022 шықәса актәи азбжазы араион абиуџьет ахашәала, урыстәылатәи ацфинансыркрагьы налаҵаны 256 миллион мааҭ итәеит.
"Урҭ рҟынтәи ишәахтәуи ишәахтәыми ахашәалақәа 184,5 миллион мааҭ ыҟоуп, планла 152,2 миллион мааҭ ахьазгәаҭаз. Анагӡара 121,2% ыҟоуп", - иҳәеит иара.
Хагәышь иажәақәа рыла, араион абиуџьет аныхратә хәҭа 46,3% ыҟоуп ашықәстә план 670,9 миллион мааҭ аҟынтәи (310,8 миллион мааҭ).
Абиуџьет аныхрақәа реиҳара ирыҵаркит аҵара, амедицина, акультура, аспорт, АКН. Иааидкыланы абарҭ ахырхарҭақәа рыла иныхуп 277,4 миллион мааҭ ма 89,2% аныхрақәа рзеиԥш хышәаҵышәаҟынтә.
Аԥсны
Гагра Адыгаа рымҩаҟны аӡымҩангагеи акаҭрани шьҭарҵеит Аинвестпрограммала
Араион ахада иҳәеит абиуџьет ԥарақәа рныхраан аԥыжәара зҭоу ауалафахәы ашәара, ақалақь аиҿкаара, шьаҭанкылатәии изаамҭанытәуи аремонтқәа, ауааԥсыра асоциалтә цхыраара рыҭара.
"2022 шықәса актәи азбжазы ауалафахәы азшәара иазынашьҭуп 139 миллион мааҭ, ахәыҷбаҳчақәа рҿы акрырҿаҵара 8,2 миллион мааҭ, ақалақь ахаҿра арԥшӡара, агәамсам ақәгара, аҳаскьын архра, аҵлақәа рхырффара - 44 миллион мааҭ, атехника ҷыда аахәара - 11,9 миллион мааҭ", - иҳәеит иара.
Ауааԥсыра зныктәи асоциалтә цхыраара рыҭаразы, ахәшәтәраз ацхыраара аҟаҵаразы иныхуп 9,4 миллион мааҭ иҳәеит Хагәышь.
Араион аҿы аргыларақәа, акапиталтәии изаамҭанытәиу аремонтқәеи ирзоужьуп 55,7 миллион мааҭ.
Ауааԥсыра аматериалтә цхыраара рыҭаразы 32,5 миллион мааҭ азгәаҭоуп. Араион ахадара уаанӡатәи ауал ашәаразы иазоужьуп 25 миллион мааҭ инареиҳаны.
Аԥсны
Гагра ахәаахәҭратә павильонқәа рықәгара нап адыркит