Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра Адыгаа рымҩаҟны аӡымҩангагеи акаҭрани шьҭарҵеит Аинвестпрограммала

© Foto / Администрация Гагрского районаУкладка асфальта в Гагре
Укладка асфальта в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2022
Анапаҵаҩра
Адыгаа рымҩаҟны аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рышьҭаҵареи амҩа акаҭран ақәҵареи рзы иазоушьҭын аа-миллион мааҭк.
АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагра Адыгаа рымҩаҟны аӡымҩангагеи акаҭрани ықәырҵеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа.

"Ари амҩаҟны акаҭран ақәҵара арбан 2016 шықәсазы ирыдкылаз Аинвестпрограммаҿы, аха ақәаршыҩцарҭақәа рыҟамзаара иахҟьаны аусурақәа рымҩаԥгара залшомызт. Ус шакәугьы, имҩаԥысуа Аинвестпрограммала иҳалшеит 200 мм зҿыгҳара ыҟоу аӡымҩангага 800 метра ашьҭаҵара, иара убас 970 метра акаҭран ақәҵара", - иҳәеит иара.

Гамсаниа иазгәеиҭеит аусурақәа зегьы рхарџь аа-миллион мааҭк шартәаз. Урҭ рҟынтә ф-миллион мааҭк Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма аҟынтә иазоужьын, даҽа ҩ-миллион мааҭк ареспубликатә биуџьет аҟынтә.
Аусурақәа ирылаган 2021 шықәса жьҭаарамзазы, ихыркәшахеит 2022 шықәса рашәара 8 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0