Аԥсны

Лев Кәыҵниа "Россоюзспас" амедал "Агуманитартә цхыраара аҟаҵаразы" ианашьоуп

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр усутә ныҟәарыла Санкт-Петербург дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Урыстәылатәи Аиқәырхаҩцәа реидгыла Иреиҳаӡоу ахеилак (Россоюзспас) аӡбарала Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа амедал "Агуманитартә цхыраара аҟаҵаразы" ианашьоуп ҳәа аанацҳаит АҶА апресс-маҵзура.
Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа аԥснытәи рколлега иҭабуп ҳәа иарҳәеит Донецки Лугански ареспубликақәа рахь агуманитартә цхыраара анагара аиҿкааразы.
Урыстәыла Донбасс арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы. Уи аахыс Аԥсны АҶА изныкымкәа ДЖәРи ЛЖәРи ирҭааит гуманитартә миссиала. Дара уахь инаргеит тоннала афатә, аӡыржәтә, аибашьра азонаҟынтә аҭынч уааԥсыра алыргеит, ЛЖәР аҿы ааха зауз аинфраструктура аиҭашьақәыргылараҿ ирыцхраауан.
Аԥсны
Гәык-ԥсык ала аџьабаа рбеит: Лев Кәыҵниа аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Луганск русуразы