Апарламент Аконституциатә ӡбарҭа иадҵаалоит Пицунда аҳәынҭдача Урыстәыла аҭара аус азы

Аусутә еизараан Апарламент адепутатцәа аӡбара рыдыркылеит изаамҭанытәим апарламенттә сессиа мҩаԥыргарц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара Аконституциатә ӡбарҭахь азҵаара нанашьҭуеит Пицундатәи аҳәынҭдача амазаратә комплекс Урыстәыла аҭараз аиқәшаҳаҭра агәаҭаразы. Абри атәы аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.
"Жәлар Реизара-Апарламент ақәҵара аднакылоит: 1. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭахь азыҳәа нашьҭызарц Аԥсны Аконституциеи аҳәынҭқарратә дача Урыстәылатәи Афедерациа аҭарази ахархәарази Москва ажьырныҳәа 19, 2022 шықәсазы нап зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭреи реишьашәалара аилыргаразы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Ақәҵара амчра аиуеит ианрыдыркыла инаркны.
Аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2022 шықәса ажьырныҳәамзазы.
Адокумент асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырган аимак-аиҿакгьы ахылҿиааит ауааԥсыреи аполитикатә партиақәеи рыбжьара. Аԥсны ахада иажәақәа рыла, адокумент аҿы зыӡбахә ҳәоу адача аҵакыраҿ игылоу амазаратә комплекс ауп, адгьыл аҭара аӡбахә зынӡагьы иҟаӡам.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Пицундатәи адача Урыстәыла аҭараз аиқәшаҳаҭра ахәшьара аиҭеит