Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Пицундатәи адача Урыстәыла аҭараз аиқәшаҳаҭра ахәшьара аиҭеит

© Foto / АПСНЫПРЕСС Рабочая поездка президента Аслана Бжания в Ткуарчалский район
Рабочая поездка президента Аслана Бжания в Ткуарчалский район - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2022
Анапаҵаҩра
Аобиект хәыда-ԥсада Урыстәыла ахархәараз иаҭан 1995 шықәсазы.
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҿы усутә ныҟәарыла даныҟаз ахҳәаа аиҭеит Пицундатәи аҳәынҭдача амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ҳәа аанацҳаит "Аԥсныпресс".
Избан ари атема уажә изцәырҵыз ҳәа Тҟәарчал инхо Белла Арышԥҳа лызҵаара аҭак аҭо, ахада иҳәеит Аԥсны азы ари аҭагылазаашьа шҿыцым, апроблема уаанӡагьы ишыҟаз.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2022
Аԥсны
Аԥсны ахада Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ахҳәаа аиҭеит
"Иаҳзеиҿкаарыма аҭынчреи ашәарҭадареи Урыстәыла ада? Иҳамоума уи злаҳаԥсахуа даҽа ҩызак? Ҳгәылацәеи ҳареи аибашьратә еизыҟазаашьа ҳҭагылоуп макьанагь. Уигьы ҳхашҭма? Уаажәларратә усзуҩцәак ирзеилкаауам ма ирзеилымкаауашәа ҟарҵоит Мраҭашәара ҳинтерес иамоу. Усеиԥш ӡәыр цхыраарак ҳаиҭар иҭахызар – ҳазхарҵахьазаарын. Урыстәыла уи адача адагьы акгьы ахьуам. Аха ишԥаҟалашеи Урыстәыла ада ҳара ҳҭагылазаашьа. Абри ауп изҵаароу", - иҳәеит ахада.
Пицундатәи аҳәынҭдача амазаратә комплекс Урыстәыла аҭараз аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩын 2022 шықәса ажьырныҳәамза 19 рзы. Адокумент асоциалтә ҳақәа рҿы ацәырҵра ахцәажәара ду, аимак-аиҿак цәырнагеит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Аԥсны
Бжьаниеи апартиақәеи Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра иалацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0