Аконцерт, аҽыуаа, аныҳәатә гәалаҟазаара: Аҳәынҭқарра абираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа

Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны. Сынтәа абираҟ 30 шықәса ахыҵит.
Sputnik
Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш хыркәшахеит акәашаратә коллективқәеи аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи злахәыз аконцерт ала.
Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Иара аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара иасимволуп. Иаарту амаҿа шкәакәа 12 шәышықәса инарзынаԥшуа ақәра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ашкәакәақәеи аҿареи адоуҳареи ирсимволуп. Хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны аҭоурыхтә раионқәа: Саӡ, Бзыԥ, Гәма, Абжьыуаа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы, Аибга ирсимволны иҟоуп.
Аҳәынҭқарратә символикақәа дравторуп, асахьаҭыхҩы — Валери Гамгьиа.