Аԥсны

Гагратәи араион аҿы аус зымуа рхыԥхьаӡара 60% еиҳахеит

Гагра араион ахада Иури Хагәышь идыррақәа рыла, араион аҿы инхоит 39 279-ҩык.
Sputnik
ГАГРА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҿы аус зымуа рхыԥхьаӡара 60% инаӡоит ҳәа атәыла ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 22 рзы адырра ииҭеит Гагра араион ахада Иури Хагәышь.
Иара ишазгәеиҭаз ала, араион аҿы инхоит 39 279-ҩык, урҭ рахьтә 23 265-ҩык - аусура зылшо уаауп, убри аан аус зуа - 8 нызқьи 122-ҩык роуп.

"Арҭ адыррақәа рҟынтәи иубарҭоуп аус зымуа рхыԥхьаӡара 60% шыҟоу", - иҳәеит Хагәышь.

Иара иажәақәа рыла, араион аҿы атәанчаҩцәа 7 742-а ыҟоуп, урҭ 37 категориа ыҟоуп. Урҭ рахьтә аԥсуа тәанчахәы мацара роуеит 1603-ҩык, уи бжьаратәла 2 000 мааҭ ыҟоуп, 6139-ҩык ироуеит урыстәылатәи атәанчахәы, уи бжьаратәла 10 000 мааҭ ыҟоуп.
Абиуџьет иаҵанакуа аусзуҩцәа ркатегориақәак Урыстәыла иаанашьҭуа афинанстә цхыраара иабзоураны 2021 шықәсазы руалафахәы иазҳаит 20% рыла, 2022 шықәсазы даҽа 10% рыла иазҳараны иҟоуп. Арҵаҩцәа руалафахәы бжьаратәла - 19 нызқьи 267 мааҭ, аҳақьымцәа - 24 нызқьи 562 мааҭ, акультура аусзуҩцәа - 15 нызқьи 211 мааҭ.
Аԥсны
Гагра араион ахада ашықәсбжатәи аҳасабырба ҟаиҵеит