Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Кәыҵниа Донецкҟа амҩа дықәлеит иҭахаз аибашьҩы Смыр иԥсыбаҩ аагаразы

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Лоран Смыр далан Аԥсни, Нхыҵ Кавкази, Урыстәылеи рҟынтәи аибашьцәа рыла ишьақәгылоу аинтернационалтә бригада "Пятнашка".
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Донецкҟа амҩа иқәлеит, хатәгәаԥхарала еибашьуаз Лоран Смыр иԥсыбаҩ аагаразы.
Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аиқәырхаратә усбарҭа.
Афонҿыцтәи Лоран Смыр аинтернационалтә бригада "Пятнашка" далахәны деибашьуан, Донбасс ахьчаразы арратә операциа ҷыда ианалага раԥхьатәи амшқәа инаркны. Смыр дҭахеит иаахаз ахыԥҽыхақәа ирыхҟьаны.
Аԥсны
Аԥснынтәи Донецк хатәгәаԥхарала еибашьуаз дҭахеит