Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснынтәи Донецк хатәгәаԥхарала еибашьуаз дҭахеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВиды городов. Донецк
Виды городов. Донецк - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Анапаҵаҩра
Иҭахаз аибашьҩы Аԥсны, Нхыҵ Кавказ, Урыстәыла рҟынтәи инеиз аибашьцәа злоу аинтернационалтә бригада "Пятнашка" далахәын.
АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аинтернационалтә бригада "Пятнашка" иалахәыз Лоран Смыр дҭахеит Донецк ианалахысуаз, абри азы адырра ҟаиҵеит абригада адҵаҟаҵаҩ Ахрик Аҩӡба.

"Иара агәыларатә позициахь дцеит афатә ааигаразы, убри аамҭазы ихаларҵаз амина леины ирылаҳаит. Жәа-метрак ауп аҭабиаҟынӡа ирыгыз", - иҳәеит Аҩӡба.

Хьыӡшьарас "Афониа" ҳәа измаз Лоран Смыр дҭахеит иаахаз ахыԥҽыхақәа ирыхҟьаны. Иара Урыстәыла Украина аоперациа ҷыда ишналагаз актәи амшқәа инадыркны далахәын.
Смыр дҭаацәаран, хҩык ахшара драбын.
"Пятнашка" аԥснынтәи иалахәыз даҽа еибашьҩык - Ахра Кьыркьнаӡе - дҭахеит Донецк аибашьраан иԥжәаз аснариад иахҟьаны. Иара анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Кәтол.
Ахра Киркинадзе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Аԥсны
Аԥснынтәи Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуаз ахаҵа дҭахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0