Аԥсабаратә рыцҳара: Шәача иҟалаз аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа

Ԥхынгәы 23-24 ауха Шәача сааҭкала 75 мм ақәа леит.
Sputnik
Амҩадуқәа рыҟны аӡқәа хыҵны ирнылеит, иҟоуп аӡы иагаз амашьынақәа. Аҩнқәа аӡы рыҵалеит, актәи аихагылақәа рыҟны аӡы ахьыҩналаз атехника ҷыдала ҩныргеит. Амшцәа иахҟьаны иҟалаз аԥырҟәҟәаразы зқьҩык инреиҳаны аҟазацәеи 400 ак атехникеи аладырхәит ақалақь ахадара.
Шәача иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп. Амшцәгьаз агәҽанызаара шыҟац иаанхоит. Аҳауагәаҭаҩцәа иаарыцҳауеит ҩаԥхьа ақәаршҩы, акырцх ауеит ҳәа, иара убас иазгәаҭоуп аӡқәа рхыҵра, амшын аԥшатлакә ахылара.
1 / 8

Ԥхынгәы 23-24 ауха Шәача ақәаршыҩ леит.

2 / 8

Сааҭк инеиҳан илеиуаз ақәа иахҟьаны аӡқәа шьҭыҵит.

3 / 8

Аиҳарак ааха ӷәӷәа роуит ақалақь агәҭеи Хосҭатәи араиони.

4 / 8

Аӡы аӷьыра амашьынақәа амшынахь иагеит, зынӡа аԥхасҭа роуит 50 машьына.

5 / 8

Аҩнқәа аӡы рыҵалеит, актәи аихагылақәа рыҟны аӡы ахьыҩналаз атехника ҷыдала ҩныргеит.

6 / 8

Ақалақь ауааԥсыра лашарада иахьаанхазгьы ыҟоуп.

7 / 8

Амашәыртә усбарҭа аҟазацәеи аволонтиорцәеи аӡы ахьнеиз зегь дрыцқьоит, афымцацәаҳәақәа шьақәдыргылоит.

8 / 8