ААЕ аиҳабы амаамын цәарԥшӡа жәларбжьаратәи аҵакы змоу иҷыдоу ҭагылазаашьоуп иҳәеит

Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, адунеи атәылақәа 75 рҟны иазгәаҭоуп амаамынқәа рцәарԥшӡа, еиҳарак ачымазара рыдбалоуп Европа инхо ахацәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара аиҳабы Тедрос Гебреиесус амаамынқәа рцәарԥшӡа ацәырҵра жәларбжьаратәи аҵакы змоу агәабзиарахьчара ахырхарҭаҟны иҷыдоу ҭагылазаашьоуп ҳәа иҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Хаҭала ус еиԥш сыԥхьаӡоит, амаамынқәа рцәарԥшӡа ацәырҵра жәларбжьаратәи аҵакы змоу агәабзиарахьчара ахырхарҭаҟны иҷыдоу ҭагылазаашьоуп", - иҳәеит Тедрос Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара аилатәараҿы.
Амаамынқәа рцәырԥшӡа раԥхьатәи ахҭыс аарԥшуп Урыстәыла
Аилак ахаҭа ари азҵаара аҟны изеицҿакымхеит.
Амаамын цәарԥшӡа – ари авирустә инфекциоуп, ауаа рыбжьара уарла-шәарла ииасуеит. Ачымазцәа аиҳарак имарианы ирхыргоит, ирласынгьы мчыбжьқәак рылагь ачымазара рыхгоит. Аха иҟоуп изцәыуадаҩхогьы.