Ҟәбина COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара ашьҭыҵра иаҿуп

Урыстәылатәи аусдырыҩцәа COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц аӡбахә рҳәоит, аха уи ашәарҭара ацым, аԥсҭбарақәа маҷуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара ашьҭыҵра иаҿуп, иахьа иаарԥшыз ахҭыс ҿыцқәа рацәан аҵыхәтәантәи амзақәа раасҭа. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәлаҿацә аоперативтә штаб.
Ԥхынгәы 24 уахыки-ҽнаки рыла Ҟәбина 179 хҭыс ҿыц ашәҟәы иҭагалан, урҭ рахьтә 111-ҩык аҳәса, 68-ҩык ахацәа.
Аҿкы ззышьақәырӷәӷәоу 82-ҩык аарԥшуп Краснодар, Новороссиск -14, Шәача-13, Анапа -11, Гориачи Клиуч-10.
Ԥхынгәы 24 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Краснодартәи атәылаҿацә аҟны зынӡа акоронавирус рыдырбалахьеит 264 675-ҩык. Рҽырхәшәтәхьеит 252 759-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 10 977-ҩык.
Аусдырҩцәа ирҳәоит, адунеи зегь аҟны акоронавирустә ҿкчымазара аизҳара ишалагаз. Роспотребнадзор аепидемиологиатә Центр адиректор ихаҭыԥуаҩ Александр Горелов иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ҩ-мчыбжьа рыҩнуҵҟа Урыстәыла зегь аҟны, Ахара Мрагылара ада COVID зыхьуа рхыԥхьаӡара шеизҳаз, аха алаҵәара шамам.
Аиммунолог еиҭеиҳәеит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц аҷыдарақәа
Ҩаԥхьа алаҵәара зоуз аҿкчымазара Аԥсны зацәымцеит. Агәабзиарахьчара аминистр иҳәеит ареспубликаҟны иахьатәи аамҭазы ачымазара зыхьуа 23-ҩык шыҟоу. Урҭ рахьынтәи 12-ҩык Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны рҽырхәшәтәуеит.
Аԥсны
Ԥхынгәы 15 раахыс Аԥсны 23-ҩык акоронавирус шрымаз шьақәырӷәӷәан