Аԥсны

Џьонуа имҩаду ахәҭак аркхоит ԥхынгәы 25 рзы

Аамҭалатәи амҩа аркра адҳәалоуп аиҭашьақәыргыларатә усурақәа - уаҵәы ари аҭыԥ аҟны амҩа акаҭран аҩбатәи аҿыгҳара ықәырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Аҟәа Џьонуа имҩаду ахәҭак амашьынақәа рныҟәаразы иаркызаауеит ԥхынгәы 25 азы, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.

Амҩа акаҭран аҩбатәи аҿыгҳара ахьықәырҵо иахҟьаны Џьонуа имҩахәҭак аркызаауеит - Ӡиӡариа имҩа инаркны Гәлиа имҩа аҟынӡа.

Амҩақәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсазтәи Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.