Аԥсны

Аҟәа ҩ-цәыргақәҵак аатраны иҟоуп

Ацәыргақәҵақәа "Аԥхынтәи агалереиеи" "Аҟәа. Еснагь иуцу аныҳәеи" нанҳәа 29 рҟынӡа иаартызаауеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Ацәыргақәҵақәа "Аԥхынтәи агалереиеи" "Аҟәа. Еснагь иуцу аныҳәеи" Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартхоит ԥхынгәымза анҵәамҭазы ҳәа лҳәеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аԥсны
Акультуратә ҭынха: ацәыргақәҵа "Аурыс сахьаҭыхыҩцәа Аԥсны" аатит Аҟәа
Лара иазгәалҭеит "Аԥхынтәи агалереиа" шаадыртуа ԥхынгәы 25 рзы, "Аҟәа. Еснагь иуцу аныҳәа" аадыртуеит ԥхынгәы 27 аҽны, арҭ аҩцәыргақәҵак аартызаауеит нанҳәа 29-нӡа.

"Ацәыргақәҵақәа мҩаԥгахоит азал маҷи азал дуи рҿы. Дара рыҩбагьы есышықәса имҩаԥырго иреиуоуп. "Аԥхынтәи агалереиаҿ" еицырдыруа ҳсахьаҭыхыҩцәа реиԥш аҿарацәагьы русумҭақәа рбара анаҩсгьы раахәарагьы алшоит. Аусумҭақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рымоуп – аҿыханҵа, аграфика, аҩычага-хархәаратә ҟазара", - ҳәа лҳәеит лара.

Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, аекспозициа есымчыбжьа идырҿыцуеит. Ара иҟоуп Заур Мықәба, Адгур Ԥлиа, Лаша Габелиа, Диана Хынҭәԥҳа, Борис Ашәба, Беслан Лашәриа назлоу русумҭақәа.
"Аҟәа. Еснагь иуцу аныҳәа" акәзар - Аҟәа ауп изызку.
Еснагь иуцу аныҳәа: Аҟәа амш азы ацәыргақәҵа еиҿкаахоит
"Раԥхьаӡа акәны иара аартын 2020 шықәсазы. Ацәыргақәҵа ақалақьи уи иаланхо, уа иҿио асахьаҭыхыҩцәа ирызкуп. Иалахәуп зусумҭақәа акультуратә ҭынха иаҵанакуа асахьаҭыхыҩцәа, Александр Семенцов иеиԥш иҟоу", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Ацәыргақәҵатә зал адиректор лажәақәа рыла, Аҟәа иазку ацәыргақәҵаҿ аҟазауаа русумҭақәа асиурреалисттәии аметафизикатәии ҟазшьақәа рныԥшуеит.
Усумҭақәак QR-кодқәа рыҭахоит. Урҭ рыла АЗХ асоциалтә ҳақәа рахьтәи адаҟьахь унанагоит – Аҟәеи иара ауааԥсыреи рҭоурыхқәа ртәы ахьаҳәо.