АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Ԥсҳәы иахьаҵанакуаз ибжьаӡыз Урыстәыла атәылауаҩ Борис Тупикин дрыԥшааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Тупикин Ԥсҳәынӡа 10 километрак ахьыбжьаз ахьшьцәа рҭыԥ аҿы дырбеит. Иара иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара иҭагылам.
АҶА аусзуҩцәа иара хымш иԥшаара иаҿын.
Тупикин жәамш раԥхьа, ԥхынгәы 15 рзы Ԥсҳәы ақыҭаҿ дырбахьан. Абри ашьҭахь ихабар ыҟамызт.