Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиқәырхаҩцәа Ԥсҳәы иахьаҵанакуаз иӡыз ахаҵа дрыԥшааит

© Foto / МЧС РА Гражданин РФ Тупикин Борис Евгеньевич, 1972 года рождения, был обнаружен в охотничьем балаганчике в 10 километрах от села Псху
Гражданин РФ Тупикин Борис Евгеньевич, 1972 года рождения, был обнаружен в охотничьем балаганчике в 10 километрах от села Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2022
Анапаҵаҩра
50 шықәса зхыҵуа Урыстәыла атәылауаҩ жәамш раԥхьа Ԥсҳәы ақыҭаҿ дырбеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Ԥсҳәы иахьаҵанакуаз ибжьаӡыз Урыстәыла атәылауаҩ Борис Тупикин дрыԥшааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Тупикин Ԥсҳәынӡа 10 километрак ахьыбжьаз ахьшьцәа рҭыԥ аҿы дырбеит. Иара иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара иҭагылам.

АҶА аусзуҩцәа иара хымш иԥшаара иаҿын.
Тупикин жәамш раԥхьа, ԥхынгәы 15 рзы Ԥсҳәы ақыҭаҿ дырбахьан. Абри ашьҭахь ихабар ыҟамызт.
Ажәабжьқәа зегьы
0