Аԥсны

Аԥсны Аҵәахбанк ԥхынгәымзазы урыстәылатәи атәанчахәыҭара аграфик шьақәнаргылеит

2020 шықәса нанҳәамза инаркны аԥсуа тәанчахәы мацара зауа атәанчаҩцәа аԥара роуеит абанктә хсаалагақәа рахь акәымкәа, Аҵәахбанки егьырҭ акоммерциатә банкқәеи ркассақәа рҟынтәи мацара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара 2022 шықәса ԥхынгәымзатәи аграфик еиқәнаршәеит.
Ԥхынгәымзатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны ԥхынгәы 18, 19, 20 рзы атәанчахәы роуит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа.
Ԥхынгәы 21, 22 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз ироуит.
Ԥхынгәы 25, 26 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз ироуеит.
Ԥхынгәы 27, 28 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз.
Ԥхынгәы 29, нанҳәа 1 рзы - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз.
Нанҳәа 2 инаркны - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.