Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Паӷәаа Баслахә инхара-инҵыра иазкны

Баслахә ақыҭа ахада Даур Паӷәаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, иҵара хыркәшан ақыҭахь дзыргьежьыз атәы, уи иԥсҭазаара дшахәҭакхаз, насгьы нхаҩык иаҳасабала инапы злаку.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.