АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Урыстәыла Роспотребнадзор аҳәамҭа ҟанаҵеит амаамынқәа рцәырԥшӡазы уснагӡатә ҷыдак алагалатәым ҳәа.
Аусбарҭаҿ ирҳәеит аҳәааҿы асанитар-карантинтә хылаԥшра аус шырӷәӷәоу. Уи адагьы атест иаарццакны аҭара алшоит урыстәылатәи арегионқәа зегьы рҟны. Ачымазара здырбало иахәҭоу ахәшәтәра иоуеит.
Аҭҵаарадырратә центр "Вектор" азыҳәа ҟанаҵахьеит ацәырԥшӡа хызҽуа алаҵа аҭаҩразы.
Амаамынқәа рцәырԥшӡа – вирустә инфекциоуп. Аиҳараҩык апациентцәа ачымазара уадаҩрада ирхыргоит, мышқәак рыла ргәы бзиахоит, аха иҟоуп ианрылаҽуагьы.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) амаамынқәа рцәырԥшӡа Урыстәыла зҵазкуа Европатәи арегион аҿы алаҵәара ҳаракуп ҳәа ирыԥхьаӡоит: арахь иаҵанакуеит Великобританиа, Швециа, Италиа, Франциа, Австралиа, Канада, Германиа, Нидерландқәа, Швеицариа, Испаниа.
Урыстәыла раԥхьаӡа акәны ԥхынгәымзазы амаамынқәа рцәырԥшӡа ахҭыс азгәаҭоуп, уи идбалоуп Европантәи Санкт-Петербургҟа иааз арԥыс. Иара амедусҳәарҭахь днеит ицәа ақәыԥсарақәа анадибала. Уажәы апациент хазы дышьҭоуп. Ичымазара хьанҭамкәа ихигоит.