Шәача амшцәгьаз агәҽанҵара аԥыхуп

Аӡхыҵрақәа рышьҭахь аиҳарак аԥхасҭа роуит ақалақь агәҭантәи араионқәа – адәқьанқәеи аҩнқәеи аӡы рыҩналеит, жәабала амашьынақәа аӡы иагеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Шәача амшцәгьаз агәҽанҵара аԥыхуп, аплиажқәа реиҳарак рҟны аҽыкәабара азин ҟаҵоуп ҳәа аофициалтә Telegram-канал аҿы адырра ҟаиҵоит ақалақь ахада Алексеи Копаигородски.
Убри аан макьана аҭагылазаашьа ҷыда арежим ааныжьуп.
"Иалагалоу аҭагылазаашьа ҷыда еиҳа ирццакны ауаа рыцхраара алнаршоит, азшәарақәа рзы адокументқәа разырхиарагьы абрахь иналаҵаны", - иҳәеит иара.
Аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа уахи-ҽни имҩаԥысуеит. Амҩақәа дрыцқьоит, аенергетикцәа астанциа маҷқәа шьақәдыргылоит.
Аплиажқәа 400-ҩык рҟынӡа идрыцқьоит, уахьынтәи иқәгоуп шә-тоннак рҟынӡа аӡы инанагаз агәамсам, ақалақь агәы иалгоуп ааха зауз автомашьынақәа 40 раҟара.
Уажәы Шәача амш еилгеит, аха аоперативтә штаб аусурақәа ишырҿыц ирҿуп амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥырхаанӡа.
Шәача ақалақь ахада аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа рзы: аҭагылазаашьа уадаҩуп
Шәача иахьаҵанакуа ԥхынгәы 23-24 рзы ақәаршҩы ӷәӷәа леит. Сааҭк ахы-аҵыхәала 76 миллиметра ақәа леит – аӡиасқәа хыҵны ауаа ирыҵалеит, актәи аихагылақәа ирыҩналеит, амшын ахь иагеит автомашьынақәа. Дҭахеит ԥҳәыск, даҽа ԥыҭҩык, ахәыҷқәа назлаз, аӡы иалганы реиқәырхара алыршахеит.
Аԥсабаратә рыцҳара: Шәача иҟалаз аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа