Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар HIMARS аџьаԥҳаны ахьышьҭаз Украина аԥсахырҭатә ҭыԥ ԥыржәеит

Урыстәыла жәабран 24 рзы Украина арратә операциа ҷыда иалагеит. Ар Украинатәи арратә обиектқәа дырхәашоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа икылкаан ихысуа абџьар ала ЕАА аҟынтәи иааргаз зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа HIMARS аџьаԥҳани америкатәи агаубицақәа М777 рџьаԥҳани ахьышьҭаз аԥсахырҭатә ҭыԥ ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Иара убасгьы ааха аҭан 95-тәи адесант-жәыларатә баталион аамҭалатәи агыларҭа, иҭархан шәҩык инарзынаԥшуа амилаҭеилыхцәеи аҳәаанырцә қьыреибашьцәеи.
Аусбарҭа иаанацҳауеит Херсонтәи аобласт, Днепропетровтәи алиман аӡқәа рҿы ишаԥырҟәҟәааз украинатәи адиверсиатә гәыԥ адесанттә шхәақәа рыӡхыҵра. Ашхәақәа ҩбеи ирҭаз адиверсантцәеи ӡаарҟәрылан.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатәи артиллериатәи ари уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа, аракета-артиллериатә бџьар ашьҭаҵарҭақәа ԥшьба, азенит-ракетатә комплекс С-300 ахырхарҭатә радиолокатор.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР аҿы икажьуп украинатәи аҳаирплан Су-25
Ааха рыҭоуп зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Град" авзводқәа ҩба, агаубицақәа Д-20 рартиллериатә взводқәа ҩба, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика" авзводқәа хԥа, Д-30 авзводқәа ааба.
ПВО икарыжьит аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа фба, рыԥырра еиԥырҟьеит зныкҟьара ихысуа аракетатә системақәа "Ураган" ахгәыцәқәа фба.