Аԥсны

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ аконсултә маҵзурақәа рыԥҟара ҿыцқәа цәыббра 1 инаркны аус рулоит

Ҭагалан аконсултә ҟәша амаҵзурақәа рыхәшәара алшоит ашәҟәқәа анрыдыркыло амш азы мацара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 26– Sputnik. Цәыббра 1 инаркны Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ аконсултә маҵзурақәа рзы аԥҟара ҿыцқәа алагалахоит, абри атәы аанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Аԥҟара ҿыцқәа инарықәыршәаны аконсултә ҟәша амаҵзурақәа рыхәшәара алшоит адокументқәа анрыдыркыло амш азы мацараз.
Азыҳәа ҟазҵо агәаҭараз ашәҟәқәа аннеиго амш аҽны, урҭ гха рымамзар, Аԥсны Аҵәахбанк аҟәшақәа иарбанызаалак рҿы рыхә рхишәаароуп, иара убри амш азы асааҭ 15:30 рҟынӡа аԥарашәара шымҩаԥгоу азы акәтанциа ацҵаны адокументқәа аиҭароуп.
Абри азы, атәылауаҩ амаҵзуразы аԥара зшәахьо, аха здокументқәа алазымҵац цәыббра 1 аҟынӡа иалеиҵароуп.
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша хәышықәсатәии абиометриатәии тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара мҩаԥнагоит, адокументқәа раргамара еиҿнакаауеит. Уи адагьы Аԥсныҟа иааз Урыстәыла атәылауаа ашәҟәы иҭанагалоит оперативла ацхыраара рыҭахарц ҭагылазаашьа ҷыдак аҟалараан.