Аԥсны

Апарламент 2021 шықәса абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьет шьақәнарӷәӷәеит

Хәажәкырамзазы Аминистрцәа реилазаара амҩатә, атәанчахәытә, Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа, Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥсеи асоциалтә ԥгаԥсеи, Арепатриациеи рфондқәа рбиуџьетқәа рынагӡараз азакәанқәа рыпроект ибзиоуп ҳәа иашьеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент 2021 шықәса абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьет шьақәнарӷәӷәеит ԥхынгәы 27 рызтәи аилатәараҿы.
Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд 2021 шықәсазы алагала 43 миллиони 958 нызқь мааҭ артәеит, аныхрақәа – 41 миллиони 973 нызқь мааҭ, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азтәи ацәынха – 2 миллионки 739 нызқь мааҭ.
Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд 2021 шықәсазы алагала 119 миллиони 18 нызқьмааҭ артәеит, аныхрақәа – 111 миллиони 926 нызқь мааҭ, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азтәи ацәынха – 13 миллиони 775 нызқь мааҭ.
Аԥсны
Адепутатцәа 2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шынагӡоу азы аҳасабырба рыдыркылеит
Амҩатә фонд 2021 шықәсазы алагала 117 миллиони 204 нызқь мааҭ артәеит, аныхрақәа – 127 миллиони 198 нызқь мааҭ, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азтәи ацәынха – 12 миллиони 833 нызқь мааҭ.
Арепатриациа афонд 2021 шықәсазы алагала 183 миллиони 506 нызқь мааҭ артәеит, аныхрақәа - 151 миллиони 92 нызқь мааҭ, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азтәи ацәынха – 117 миллиони 92 нызқьмааҭ.
Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд 2021 шықәсазы алагала 142 миллиони 24 нызқь мааҭ артәеит, аныхрақәа– 140 миллиони 559 нызқь мааҭ, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азтәи ацәынха – 16 миллиони 429 нызқь мааҭ.
Атәанчахәытә фонд 2021 шықәсазы алагала миллиардки 211 миллиони 138 нызқьмааҭ артәеит, аныхрақәа – миллиардки 215 миллиони 907 нызқь мааҭ, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азтәи ацәынха – 17 миллиони 118 нызқь мааҭ.