Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адепутатцәа 2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шынагӡоу азы аҳасабырба рыдыркылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание Парламента РА
Здание Парламента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2022
Анапаҵаҩра
Афинансқәа рминистр Владимир Делба Апарламент аҟны 2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шынагӡоу азы аҳасабырба ҟаиҵеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара ахԥатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала 2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шынагӡоу азы аҳасабырба рыдыркылеит.
Адокумент инақәыршәаны 2021 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет ахь иалагалоуп 10 миллиардки 903 миллиони 640,4 нызқь мааҭ, ишәахтәуи ишәахтәыми алагалақәа - 5 миллиардки 584 миллиони 616,1 нызқь мааҭ, хнырҳәрадатәи алагалақәа - 5 миллиардки 319 миллиони 024,3 нызқь мааҭ.
Азеиԥш лагалақәа 11 миллиарди 571 миллиони 535,9 нызқь мааҭ артәеит, ауснагӡатә рбагала 10 миллиардки 734 миллиони 381,5 нызқь мааҭ ахьыҟаз.
2021 шықәсазы аҳәынҭбиуџьет нагӡоуп 107,8% рыла, ахатәы лагалақәа 837 миллиони 154,4 нызқь мааҭ реиҳахарала.
Сессия парламента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2022
Аԥсны
Аԥсны Апарламент акурорттә еизга аԥнахит
Ишәахтәуи ишәахтәыми алагалақәа нагӡоуп 114,9% рыла, идыртәоит: 6 миллиардки 410 миллиони 691,1 нызқь мааҭ планла 5 миллиардки 577 миллиони 357,2 нызқь мааҭ ахьазгәаҭаз. Ахатәы лагалақәа зеиԥшла 56,4% (6 миллиардки 528 миллиони 471,6 нызқь мааҭ) ыҟоуп, урыстәылатәи афинанстә цхыраара – 43,6%.
Алагалақәа инарыцҵаны иазгәаҭоуп аҭыԥантәи абиуџьетқәа рҟынгьы, Очамчыра араион абиуџьет ада (78,6%). Ари 2021 шықәсазы аӡытә биологиатә ресурсқәа ааглыхратә еиҿкаарақәа аусеиҭарыдулара ахьылаҟәыз иадҳәалоуп. Алагалақәа рыла рыплан инацҵаны инарыгӡеит: Гагра араион – 105,6%, Гәдоуҭа араион – 124,2%, Аҟәа араион – 108,8%, Гәылрыԥшь араион – 112,4%, Тҟәарчал араион – 123,9%, Гал араион – 111,2%, Аҟәа ақалақь – 104,2%.
Аҳәынҭқарратә биуџьет ахатә хашәалақәа рлагалара иартәеит 6 миллиардки 528 миллиони 471,6 нызқь мааҭ, планла 5 миллиардки 691 миллиони 317,2 нызқь мааҭ , ма 114,7% ахьарбаз (+837миллиони 154,4 нызқь мааҭ). Аплантә рбагақәа нагӡоуп ашәахтәқәа зегь рыла, адгьыл азы ашәахтә аалхны (98,2%).
2020 шықәса иаҿырԥшны ахатә хашәалақәа рдинамика миллиардки 723 миллиони 901,2 нызқь мааҭ (36,0%) ыҟоуп, 2019 шықәса иаҿырԥшны 343 миллиони 865,5 нызқь мааҭ (25,9%) ыҟоуп.
Сильный ветер в Сухуме повалил деревья и снес крыши домов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2022
Аԥсны
Делба еиҭеиҳәеит 2021 шықәса аԥхынразы амшцәгьақәа аԥхасҭа зырҭаз ауаа аԥара шырзыршәаз
2021 шықәсазы абиуџьет аныхрақәа 11 миллиарди 279 миллиони 005,6 нызқь мааҭ ыҟоуп иарбаз 12 миллиарди 145 миллиони 157,3 нызқь мааҭ (92,9%) рҟынтә.
2021 шықәсазы ареспубликатә биуџьет иаланагалеит 9 миллиардки 111 миллиони 959,6 нызқь мааҭ, иарбаз 8 миллиардки 425 миллиони 294,7 нызқь мааҭ (108,2%) рҟынтә (+686 миллиони 664,9 нызқь мааҭ. Убри аан ахатәы хашәалақәа: 4 миллиардки 068 миллиони 895,3 нызқь мааҭ, урыстәылатәи афинанстә цхыраара – 5 миллиардки 043 миллиони 064,3 нызқь мааҭ.
2021 шықәсазы ишәахтәуи ишәахтәыми алагалақәа ареспубликатә биуџьет ахь идыртәеит:
Аԥсны ахархәара змоу атауарқәа, аусурақәа, амаҵзурақәа рзы ашәахтәцҵа – 25,7%;
Аԥсны иаларгало атауарқәа, аусурақәа, амаҵзурақәа рзы ашәахтәцҵа –31,1%;
Акцизқәа рыла – 7,2%;
Аҳәынҭбаџь ала – 2,2%;
Аҳәынҭқарратә хатәтәра амазара ахархәараҟынтә ахашәалақәа– 2,1%;
Адәныҟаекономикатә усурақәа рҟынтә ахашәалақәа – 23,8%;
Административтә шәарақәеи аизгақәеи – 3,8 %;
Ахараԥсақәа, асанкциақәа, аԥхасҭа ахәхшәаара – 3,1%.
Ахашәалақәа еиҿкаауп ахатә лагалақәа - 4 миллиардки 068 миллиони 895,3 нызқь мааҭ (120,3 %) - 2021 шықәса 2020 шықәса иаҿырԥшны миллиардки 194 миллиони 525,5 нызқь мааҭ еиҳауп.
2021 шықәсазтәи ашәахтә лагалақәа ареспубликатә биуџьет ахь: 2 миллиардки 695 миллиони 616,8 нызқьмааҭ (126,5%). Ари 912 миллиони 743,5 нызқь мааҭ рыла (51,2%) 2020 шықәсазтәи алагалақәа иреиҳауп.
Ашәахтә лагалақәа реилазаараҿ ашәахтәцҵа зегьы иреиҳауп: ареспублика аҵакырахь иаларгало атауарқәа рзы (47,0%), Аԥсны ахархәара зырҭо атауарқәа, аусурақәа, амаҵзурақәа рзы (38,8%).
Аԥсныҟа иаларгало акцизтә тауарқәа ршәахтәқәа идыртәеит 10,8%, аҳәынҭбаџь – 3,4%. Ари 2020 шықәса ашьҭахь атәыла аекономика аиҭашьақәыргылара иарбагоуп; акурорт аусхк аҟнытә ашәахтәшәара аизҳара иарбагоуп; ахәаахәҭреи адәныҟаекономикатә усуреи реизҳара иарбагоуп.
2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азы Аԥсны анҭыҵтәи аҳәынҭқарратә уал миллиардки 276 миллиони 121 нызқь мааҭ ыҟан. Шықәсык аҩнуҵҟала уи 108 миллион мааҭ рыла еиҵахеит.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара 2021 шықәсазы ареспубликатә биуџьет анагӡара аднакылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0