Аԥсны

Апарламент аӡаҿы аԥсҭазаара ахьчара аилагараз ақәнагақәыршәара азакәанеидкыла ханарҭәааит

Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит ахаша ԥхынгәы 27 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Аԥсны Апарламент аӡаҿы иҟоу аобиектқәа рҿы ауаа рыԥсҭазаара ахьчара аусхк аҟны административтә еилагарақәа рзы азакәанеидкыла ақәнагақәыршәара азгәаҭара ахьаҭаху ахәҭа ахарҭәаарақәа аланагалеит.
Аплиажқәеи аӡаҿы ауааԥсыра егьырҭ рыԥсшьарҭа ҭыԥқәеи русуразы иҟоу аԥҟарақәа еилагазар административтә хараԥса ахшәаатәхоит 9 - 12 нызқь мааҭ рҟынӡа. Аплиажқәеи егьырҭ аӡаҿы ауааԥсыра рыԥсшьарҭа ҭыԥқәеи рҟны азинқәа реилагара 600 - 1000 мааҭ ахшәаатәхоит хараԥсак аҳасаб ала.
Адепутатцәа рыӡбарала, Азакәанеидкыла 7-тәи ахы 60-тәи ахәҭаҷ ала ихарҭәаауп ("Аӡаҿы иҟоу аргыларақәа рҟны ауаа рыԥсҭазаара ахьчара ҭышәынзыртәало Аԥсны Аҳәынҭқарра ишьақәнаргылаз аԥҟарақәеи ақәиҭымтәрақәеи реилагара").
Аԥсахрақәа актәии аҵыхәтәантәии аԥхьарала ирыдыркылеит.