Аԥсны

Делба еиҭеиҳәеит 2021 шықәса аԥхынразы амшцәгьақәа аԥхасҭа зырҭаз ауаа аԥара шырзыршәаз

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба еиҭеиҳәеит Аԥсны 2021 шықәса ԥхынгәы-нанҳәа амзақәа рзы иҟаз амшцәгьақәа раан аԥхасҭа зауз ирзыршәаз аԥара атәы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik. 2021 шықәса аԥхынразы амшцәгьақәа ауаа ирнаҭаз аԥхасҭа аԥыхразы иныхын 284 миллион мааҭ, абри азы адырра ҟаиҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба Апарламент аилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, 109 миллион мааҭ рзыршәахьеит зыҩнқәа аԥхасҭа аиуз ауаа. Уажәазы змашьынақәа ааха аиуз аԥара рызшәара иалагоит, уи иазоужьхоит 11 миллиони 600 нызқь мааҭ.
Уажәшьҭа аҳәынҭқарра арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы аԥара ашәароуп иазаанхаз.