Шәача аӡымтҟьар ахьлеиз иахҟьаны жәаба инареиҳаны адәыӷбақәа аанкылоуп

Иаха еиҭахгьы Шәача иахьаҵанакуаз амш цәгьан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik. Апассаџьыртә дәыӷбқәа 12 иреиҵамкәеи аидарамҩангагатә дәыӷбаки аанкылоуп Чемитокваџье – Иакорнаиа Шьель амҩа ахәҭаҟны аӡымтҟьар алеира иахҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АҶА арегионалтә усбарҭа апресс-маҵзура.
Шәача иахьаҵанакуа акәзар, амшқәа цәгьоуп.

"Асааҭ 04.50... рзы адырра ҟалеит акацар ҭыԥ Чемитокваџье – Иакорнаиа Шьель аҟни аихамҩатә станциа Лазурныи Берег аҟни адгьыл ацәаакра иахҟьаны ахаҳәи аҳәынҵәеи злаз аӡымтҟьар леит, афымцатә ҳа ашьаҟақәа ҩба ааха роуит ҳәа. Апассаџьыртә дәыӷбқәа 12-еи аидарамҩангагатә дәыӷбаки аанкылоуп", - ҳәа рҳәоит адырраҭараҿы.

Асааҭ 8:00 рзы адәыӷбақәа рныҟәара аартын. Аусурақәа мҩаԥыргон 24-ҩык аиқәырхаҩцәеи 4 акк техникеи.
Иаха иауз ақәа иахҟьаны аҩнқәа 10 аӡы рыҵалеит. Аӡиас Восточныи Дагомыс хыҵны амҩабжьаларҭа Виноградныи ианылеит.
Уажәы ақәоура иаҟәыҵит. Акурорт аҿы амшцәгьазы агәҽанҵара шыҟац иҟоуп.
Ииасыз асабшазы сааҭк ала 76 миллиметра ақәа леит. 16 мҩа, афедералтә мҩаду ахәҭақәа аӡы рнылеит. Аԥхасҭа роуит 28 ҩны. Донскаиа амҩаҿы дҭахеит аԥҳәыс. Акурорт аҿы аҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәан.
Аԥсабаратә рыцҳара: Шәача иҟалаз аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа