Аԥсны

Аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонд аҟынтә аԥаразоужьра ахырхарҭақәа ҳәаақәырҵеит

Аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонд аҟынтә аԥаразоужьра ахырхарҭақәа иреиуоуп иаалырҟьаны иҟаҵатәу аремонттәи аиҭашьақәыргыларатәи усурақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонд ахархәараз аусԥҟа аднакылеит.
Агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аиҭашьақәыргылара иазырхахоит 8,47 миллион мааҭ. Тҟәарчал араион Оқәым ақыҭаҿ аӡиас Оқәым аӡыршьҭра арыцқьара – миллионбжак, Гәдоуҭа араион ахадара иахыԥхьаӡалахоит 650 нызқьмааҭ (ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Адац" Санкт-Петербург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Паруса Надежды" алахәхара ахарџьқәа рзы).
Аԥсны
Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгылараз апрограмма рыдыркылеит Аминистрцәа Реилазаараҿы