Аԥсны

Урыстәылатәи аԥкьаҭмпыласыҩцәа аԥхынратәи ҽазыҟаҵарақәа рзы Аԥсныҟа иааит

Аԥсныҟа аҽазыҟаҵарақәа рзы иааит ҿыц иалагаз аспортсменцәеи, еицырдыруа аԥкьаҭмпыласыҩцәеи, аспорт хкы абзиабаҩцәеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Москватәи "Ивани Каринеи Король аԥқьаҭасра ду азы рышкол" ааӡамҭацәа ԥхынгәы 14-31 рзы Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргалоит.
Ашкол азыҟаҵаҩ хада Карина Король лажәақәа рыла, раԥхьаӡакәны аҽазыҟаҵарақәа рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла аԥкьаҭмпыласраз Афедерациа абжьгарала.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Ареспубликатә стадион аҿы, мышкы ҩынтә аԥкьаҭасраз аклуб "Аҟәа" адәқәа рҿы ихәмаруеит, Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аҿы аӡсара мҩаԥыргоит.
1 / 6

Урыстәылатәи аԥкьаҭмпыласыҩцәа аԥхынратәи ҽазыҟаҵарақәа рзы Аԥсныҟа иааит

2 / 6

3 / 6

4 / 6

5 / 6

6 / 6

"Акортқәа испаниатәиқәа ирындаҭлар рылшоит, ишьахәуп. Зегь ҳгәаԥхоит, ҳааигәа иҟоу аспорттә хыбрақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит. Аӡҭарчы акәзар ихазыноуп. Ҳколлегацәа, аӡсаҩцәа арахь аара рабжьаагашт. Амра, амшын, аԥсабара - зегьы ҳхырхуеит.", - лҳәеит лара.
Аԥсны
"Зегь еилыхха иҟоуп": аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аусушьа
Аԥсныҟа аҽазыҟаҵарақәа рзы иааит ҿыц иалагаз аспортсменцәеи, еицырдыруа аԥкьаҭмпыласыҩцәеи, аспорт хкы абзиабаҩцәеи.
Король иазгәалҭеит наҟ-наҟгьы Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа реиԥш аицлабрақәа рымҩаԥгарагьы ргәы ишҭоу.