Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Зегь еилыхха иҟоуп": аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аусушьа

© Sputnik / Томас Тхайцук Сухумский бассейн
Сухумский бассейн  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Анапаҵаҩра
30 шықәса рышьҭахь еиҭашьақәыргаланы Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аадыртит ԥхынгәы 5 азы.
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит аԥснытәии урыстәылатәии апрофессионалтә ӡсаҩцәа, адуцәа реиԥш ахәыҷқәагьы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра "Аквастрой" адиректор Олег Иурченко.
Иара иажәақәа рыла амш аԥхьатәи ахәҭаҿы еиҳарак арахь иааиуа ахәыҷқәа роуп, асааҭ 18:00 рынахыс – адуцәа, аиҳараҩык аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп. Аӡҭырчы амш аныцәгьогьы аус ауеит иҳәоит Иурченко.
Открытие сухумского бассейна - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2022
Аԥсны
Аҟәатәи аӡҭарчы аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаартын
Аспорт аминистрра аҳәарала арҭ амшқәа рзы уа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит урыстәылатәи апрофессионалтә ӡсаҩцәаҩ.
Есыҽны, асааҭ 17:00 - 18:20 рзы Аҟәатәи АҚәСШ №1 аӡсараз асекциа алахәылацәа рҽазыҟаҵара мҩаԥысуеит. Аӡсараз Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Виктор Задорожни иажәақәа рыла, ара аиҳарак зҽазыҟазҵо аԥышәа змоу аӡсаҩцәа роуп. Аӡсара ҿыц иалаго амшын аҿы рҽазыҟарҵоит, аӡҭарчы дара рзы иҵаулацәоуп азы.
"Ахәыҷқәа зегьы ргәаԥхоит. Аӡы бзиоуп, рдистанциа рдыруеит. Аӡҭарчаҿы дасу игу-ибзоу еиҳа иубарҭоуп. Аӡсарагьы еиҳа имариоуп аӡы анырра ахьылаҟәу азы", - иҳәоит иара.
Задорожни иазгәеиҭеит аӡҭарчы аадыртижьҭеи аӡсара аҵара зҭаху рхыԥхьаӡара еиҳа ишырацәахаз.
"Аҭаацәа рхәыҷқәа рыманы иааиуеит, иҳадҵаалоит. Сара исҳәоит аӡҭарчаҿы ахәыҷқәа шазыҟасымҵо. Аԥсны иҟоу ҩыџьа азыҟаҵаҩцәа ҳауп. Иҵегь азырхиатәуп", - азгәеиҭоит иара.
Нанҳәа фба азы иазыԥхьагәаҭоуп аԥснытәи аӡсаҩцәа реицлабра. Задорожни иажәақәа рыла, ахәыҷқәа урыстәылатәии жәларбжьаратәии аҩаӡарақәа рахь рнагаразы макьана алшарақәа ыҟам.
Аӡҭарчы арԥхара азҵаара макьаназ иӡбаӡам ҳәа иҳәоит Иурченко. Уаанӡа иара иҳәахьан аилахәыра азыҳәа шынанашьҭхьо абри аус азы, аха уи мап шацәкыз "алшарақәа азхом" ҳәа.
Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аартын 1980 шықәсазы, Москватәи аолимпиада аламҭалаз. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ахыбра ааха аиуит, уи аахыс еиҭашьақәыргыламкәа иҟан.
Аҟәатәи аӡҭарчы 2007 шықәсазы ақалақь ахадара қьырала ЗҲәА "Аквастройинвест" ианаҭеит. Уи арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Абри аамҭала ажәытә комплекс ықәган, адренажтә трубақәа шьҭаҵан, аӡыҭгагақәеи аӡрыцқьагақәеи ргылан, аҽыкәабарҭақәеи, аҽеилаҳәарҭақәеи, атрибунақәеи шьақәыргылан.
Аӡҭырчы аҵаулара – 2,25 метра, аҭбаара – 20 метра, аура – 50 метра иҟоуп. Иара 120-ҩык акуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0