Абахәамҵа: Абгархықәтәи абааш аҭоурых

Sputnik
Абгархықә ақыҭан, аӡиас Ааԥсҭа ихықәгылоуп ажәытәтәи абааш Абахәамҵа. Иара VI- VIII ашәышықәсазы иргылан ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Абахәамҵа ахьӡ "ашьха (ахәы) амҵан" ҳәа иаанагоит.
Аҵарауаа ргәаанагарала, ари ахьӡ ахәы аҷыдарақәа ирхылҿиааит: уи аҵаҟа аҳаԥ хәыҷқәа ыҟоуп, уаҟа ауаа рҽыԥхьарклар ҟалон. Абааш андыргыла ашьҭахьгьы ахьӡ шыҟаз иаанхеит.