Аԥсны

Аеколог: Амшын еиқәаҿы амшынцәыслампыр ацәырҵра аӡы аҭагылазаашьа атәы аҳәоит

Амшын еиқәаҟны урыстәылатәи аҵарауаа амшынцәыслампыр ма Upogebia pusilla рбеит, уи ахкы ииасыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа раахыс ирымбацызт.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Амшын еиқәаҿы амшынцәыслампыр ацәырҵра аӡы аҭагылазаашьа шеиӷьхаз атәы аҳәоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны АР аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.
"Амшынцәыслампыр – адыӷаҷиатәқәа ирыҵаркуеит. Амшын еиқәаҿы еснагь иҟан. Аха уажәы аинтерес зҳауыз – акраамҭа аҟамзаароуп. Ҟрыми Керчтәи араиони рҿы ацәырҵра иаанаго аӡы аҭагылазаашьа аиҭакроуп. Адыӷаҷиатәқәа аӡы аекологиа ианыԥшуеит. Аҟьышьра зынӡа ирнаалаӡом. Амшынцәыслампыр цәырҵзар, ари иаанаго амшынӡы еиҳа аҽарыцқьеит ҳәа ауп", – иҳәеит Дбар.
Амшынҳәақәа рҭахара ҭырҵаауеит
Аҭҵаарадырратә ӷба "Денеб" аекспедициа алахәылацәа Адлер иахьаҵанакуа 49 метра аҵаулараҿы ииасыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа раахыс иамбацыз амшынцәыслампыр ма Upogebia pusilla рбеит.
ХХ ашәышықәса анҵәамҭаахыс аҵарауаа амшынцәыслампыр ахыԥхьаӡара амаҷхара азгәарҭон.