Амшынҳәақәа рҭахара ҭырҵаауеит

© AFP 2023 / HECTOR GUERREROАмшынҳәа амшын аҿы.
Амшынҳәа амшын аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауаажәлар Гагреи Аҟәеи амшын иахьаԥну аҟәараҟны иԥсны иҿықәжьылоу амшынҳәақәа Sputnik аредакциахь рфотосахьақәа аарышьҭит.

Ҳкорреспондент Владимир Бегунов урҭ иирбеит Аԥсны Аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар. Ахҳәаа риҭарцгьы диҳәеит.

Аекспертиза

- Роман Саид-иԥа, лаҵарамза 12, 13 рзы Гагрантәии Аҟәантәии абарҭ афотосахьақәа аарҭиит. Амшынҳәақәа рыԥсра зыхҟьаз ҳәа ижәдыруазеи?

— Асахьақәа руак ала иаразнакы амшынҳәа аԥсра зыхҟьаз амзыз шәасҳәоит, егьи атәы маҷк иуадаҩуп. Аиҳарак иҭахоит Азовка, амшынҳәа хкы.

Аиҳаракгьы рҭахара зыхҟьо ҳәа мзызс иҟоу абракониертә каҭақәа иахьырҭашәо ауп. Уи иара адәахьтәи аԥшрала иаразнак иубоит. Уи адагьы амшынҳәақәа рҵыхәақәа хҵәоуп. Абракониерцәа акаҭақәа ԥымжәарц азы урҭ рҵыхәақәа хҵәаны иҭыргоит. Асахьаҟны иаабо амшынҳәақәагьы рҵыхәақәа хҵәоуп.

Мертвые дельфины в Сухуме (слева) и в Гагре (справа).
Мертвые дельфины в Сухуме (слева) и в Гагре (справа). - Sputnik Аҧсны
Мертвые дельфины в Сухуме (слева) и в Гагре (справа).

- Аха акаҭақәа рымацара ианырхымҟьогьы ыҟоуп амшынҳәақәеии акитқәеи рыԥсра.

— Иҟоуп арра-мшынтә мчрақәа ианрыхҟьогьы. Арратә ӷбақәеи амшынҵаӷбақәеи амшынҳәақәеи акитқәеи реиԥш аехолакациа рхы ианадырхәо ыҟоуп. Урҭ ашьақәыргылақәа рганахь иқәнагало амшынԥстәқәа аҵакырахырхарҭа рцәеилагоит. Акраамҭа уа иаанхар рхы аҭыԥ иқәҟьоит. Ари агәаанагара рацәак ишыдмырӡогьы аҵарауаа усоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

- Уаҳа ԥырхагас ирымоузеи амшынҳәақәа?

— Авирустә чымазарақәа. Амшынҳәақәагьы ауаа реиԥш ичмазцәахоит. Амшын еиқәа адунеитә океан иамадам, убри азы араҟа инымхо амикроорганизмқәа анықәнагалалак аекосистема анырра анаҭоит.

- Урҭ арахь ишԥаанаго?

— Аӷбақәа ирыцнагалан иаанагоит. Убас 1980 шықәса рзы Амшын еиқәахь иаанагеит Мнемиопсис захьӡу аорганизм. Уи араҟа ԥсабаратә ӷа амамызт азы ирласны иҿиеит, аҳамса ннарҵәо иалагеит. Абас иҟан арахь Берое захьӡу аорганизм. Уи, Мнемиопсис ала ичоит. Аԥсабарагьы абаланс шьақәгылеит абри ашьҭахь.

Гребневики Мнемиопсис (слева) и Берое (справа)
Гребневики Мнемиопсис (слева) и Берое (справа) - Sputnik Аҧсны
Гребневики Мнемиопсис (слева) и Берое (справа)

- Урҭ амшын аҟны иубар алшома?

— Ааи, амедузақәа иреиԥшуп. Иазҟазам изеиҩдыраауам. Амшын аԥхарра 14˚С ианеиҳахалак ицәырҵуеит.

- Амшын еиқәа аекологиатә ҭагыллазаашьа зеиԥшрои?

— Даара иҟьышьуп. Иара ааигәа-сигәа инхоит 110 миллионҩык ауааԥсыра.

Рапаны и устрицы
Рапаны и устрицы - Sputnik Аҧсны
Рапаны и устрицы

- Амшын аҵатәи атыҩшаӡри аҭагылазаашьа зеиԥшрои? Ишәарҭоума?

— Амшын еиқәа амца акыр алшоит ҳәа ирҳәо хыҭҳәаауп. Авулканқәагьы ҳамшын аҵаҿы иҟам, избанзар атектонтә ԥҽыра ҵаулақәагьы ари аҭыԥ аҿы иҟам. Абас ала акатастрофа зхылҿиаар зылшо аиадертә ԥжәара заҵәык ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0