Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР аҿы украинатәи атҟәацәа ахьҭакыз ашьаусҭҵааратә бахҭа иалахысит

Урыстәылатәи аган УАМ рхымҩаԥгашьа аичырчара ауп ҳәа ахырҳәааит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Ԥхынгәы 28 - 29 ауха ДЖәР аиланхарҭа Еленовка аҿы иҟаз, "Азов" аибашьцәа назлаз украинатәи атҟәацәа ахьҭакыз ашьаусҭҵааратә бахҭа ракетала иалахысит украинатәи аруаа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"40-ҩык ҭахеит, 75-ҩык ахәрақәа роуит. Уи адагьы еиуеиԥшым ахәрақәа роуит абахҭа аусзуҩцәа ааҩык", - иҳәеит аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков.

Конашенков иажәақәа рыла аколониа аракетатә жәылара мҩаԥган америкатәи ареактивтә система "HIMARS" ала.
Иара иҳәеит ари ззырхоу украинатәи атҟәацәа рыршәареи урҭ рабџьар ашьҭаҵара алмыршареи роуп ҳәа.
Ареспублика ахада Денис Пушилин аҳәамҭа ҟаиҵеит, ажәылара зымҩаԥгаз "Азов" аибашьцәа рҿахәҿыхраа иаԥырхагахарц ауп.
"Ари гәҭакылатә хысран, атҟәацәа, аиҳаракгьы "Азов" аибашьцәа рҿы рықәшаҳаҭхо иахьалагаз алмыршара иазырхан. Зҿы зықәшаҳаҭхаз еиҭырҳәаз рацәоуп. Урҭ зегьы ашәҟәы иҭагалоуп", - иҳәеит Пушилин Актәи аканал аефир аҿы.
Атәылахьчара аминистрраҿы ирҳәеит аҭагылазаашьа уажәы аҭҵаара ишаҿу.