Аԥсны

Цандрыԥшь нанҳәамзазы аԥсшьараз ибиуџьеттәу ахырхарҭақәа рсиа иаҵанакуеит

Урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru иаанарԥшит еиҳа нанҳәамзазы еиҳа ахә маҷны аԥсшьара ахьалшо.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Акурорттә ҳабла Цандрыԥшь нанҳәамзазы аԥсшьараз ибиуџьеттәу ахырхарҭақәа рсиа иаҵанакуеит, аанацҳауеит амаҵзура Tvil.ru.
Аԥсны
Гагра ҭаацәала аԥсшьаразы еиҳа ирҭаху ақалақьқәа ирхыԥхьаӡалоуп
Ари асиахь иара убасгьы иаҵанакуеит Барнаул, Новосибирск, Соль-Илецк.
"Ԥхынгәымза иаҿырԥшны нанҳәамзазы ахәқәа 17% еиҵахеит", ― рҳәоит амаҵзура ахаҭарнакцәа.
2022 шықәса нанҳәамзазы ибиуџьеттәу ахырхарҭақәа жәаба:

Ақалақь

Бжьаратәла уахыктәи аԥсшьара ахә (мааҭла)

Бжьаратәла аԥсшьараамҭа

Воронеж

1982

уахык

Нальчик

1958

5 у/ҽ

Астрахань

1880

6 у/ҽ

Гаричи Клиуч

1871

4 у/ҽ

Цандрыԥшь

1861

10 у/ҽ

Николаевка

1853

12 у/ҽ

Железноводск

1652

8 у/ҽ

Барнаул

1584

3 у/ҽ

Новосибирск

1520

8 у/ҽ

Соль-Илецк

1287

5 у/ҽ

Иалкаау аҭыԥқәа хәба рҟны Цандрыԥшь ахыԥхьаӡалоуп, уи ашьҭахь игылоуп Воронеж, Нальчик, Астрахань, Гориачи Клиуч. Еиҳа зыхәқәа ҳараку иреиуоуп Нальчики Воронежи.
Аиҳарак урыстәылаа рыԥсы ршьоит Николаевкеи Цандрыԥшьи.
Аԥсны
Акадифаамҭаз Гагра аԥсшьаразы ахәԥсақәа еиҵахоит ԥхынгәымзазы аасҭа