Аԥсны

Аҟәатәи аҵәыҵәритә станциа аусура ҩынтә еизнарҳаит

Уажәшьҭа Аҟәатәи астанциа иалшоит ареспублика ахәшәтәырҭақәа зегьы ҵәыҵәрила реиқәыршәара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Аҟәатәи аҵәыҵәритә станциа аусура ҩынтә еизнарҳаит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит астанциа аиҳабы Константин Аргәын.
Уажәшьҭа уахыки-ҽнаки рыла астанциа иалшоит 400 тонна аҵәыҵәри аиура.
"Уаанӡа иҟаз апандемиа ацәқәырԥақәа раан ари аҩыза алшара ҳамаӡамызт. Усҟан аус зуаз ҳмаругақәа ажәхьан, ишаҭахыз аус руамызт. Мызкы аԥхьа Краснодарынтәи аҟазауаа ҳзааны ари амаруга ахәҭақәа рыԥсахит. Уажәшьҭа зегьы асааҭ еиԥш аус ауеит. Уахыки-ҽнаки рыла астанциа иалшоит 400 баллон аиура. Уаанӡа иалшоз 200 баллон заҵәык ракәын. Уи азхомызт", - иҳәеит Аргәын.
Константин Аргәын иажәа иацҵо иҳәеит уажәшьҭа Аҟәатәи астанциа ишалшо ареспублика ахәшәтәырҭақәа зегьы ҵәыҵәрила реиқәыршәара.