Аԥсны

Башкириатәи аҳақьымцәа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҟны мызкы аус рулоит

Аԥсны аус рулоит Башкириатәи ҩыџьа аҳақьымцәа - Ареспубликатә хәыҷтәы клиникатә хәшәтәырҭа анестезиологиеи аԥсеиқәырхарҭеи рыҟәша аиҳабы Рустам Богданови, Ареспубликатә клиникатә аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа апедиатр-аинфекционист Никита Трофимови.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Башкириатәи аҳақьымцәа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҟны мызкы иалагӡаны ачымазцәа рыдыркылалоит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Telegram-канал.

"Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи, Башкортосҭан анапхгареи, аус ахьыжәуа шәхәышәтәырҭақәа иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳуааԥсыреи шәколлегацәеи шәрыцхраарц алшара ԥшааны шәахьаҳзаарышьҭыз. Иаашәырԥшуа ацхыраара пату ҳзақәуп", - иҳәеит Едуард Быҭәба.

Аиԥылараҟны аминистр иҳәеит амедицинатә усхк аҟны аусзуҩцәа разымхара шыҟоу, аиҳарак аԥсеиқәырхаҩцәеи аинфекционистцәеи.
Быҭәба иҳәеит бакшириатәи аҳақьымцәа рԥышәа рымдара аԥснытәи рколлегацәа рзы кыр шаҵанакуа.
"Аԥышәа - хадара ҳзалоуп. Ҳауаажәлар ирлас ацхыраара рыҭаразы ҳтәылаҟны иаҳҭахуп ацхыраара лас азы иаку ҭыԥк аиҿкаара. Ари аус анагӡаразы шәабжьгарақәа ҳара ҳзы ихәарҭахоит", - иҳәеит аминистр.
Агәабзиарахьчара аминистрра иҟанаҵо адыррала, цәыббрамзазы Башкириатәи аҳақьымцәа рышьҭахь Аԥсныҟа иаауеит егьырҭ аҟазауаа.
Аԥсны
Аԥсны атерапевт хада аепидҭагылазаашьа ахәшьара алҭеит