АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Аԥсны шьаҭанкыла африкатәи аҳәамырза ақәхра алшаӡом, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла аветеринар хада Роман Џьопуа, арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.
Иара иажәақәа рыла, афермерцәа аӡәырҩы рҳәақәа абна иларҵоит идырҳәларц. Уа абынҳәақәеи дареи еибаҟьашьуеит. Урҭгьы аҳәамырза рыхьуеит. Убри азы шьаҭанкыла ари аҿкы ақәхра алшаӡом Аԥсны.
"Уажәы Кәыдрытәи аиҩхааҿы аҳәақәа ыҟаӡам. Егьырҭ Мрагыларатәи Аԥсны ақыҭақәа рҿы макьана аҳәақәа ззану ыҟоуп. Ааигәа Кәтол ақыҭан ҳәак ԥсит. Сара аҳәақәа ззану рахь аҳәара ҟасҵоит аҳәа анырцәыԥслак, инаганы иржларц, избанзар егьырҭ рҿы иану арахәгьы чмазаҩхар рылшоит. Аҳәа чмазаҩхеит ҳәа жәбазар, ишьны, амца ахырҟьаны, нас ижәжы", - иҳәеит Џьопуа.
Ичмазаҩу аҳәақәа ржьы уфар ҟалаӡом, мамзар ари ачымазара атәыла егьырҭ араионқәа рахь ииасыр ҟалоит. Уи адагьы, еиҳа еиӷьуп аҳәа чмазаҩхаанӡа иазԥшны, нас иршьыр. Ари аҩыза аҳәажьы уҭиир ҟалаӡом, аха изтәу ирҩар ма ижәыр илшоит.
2022 шықәса рашәарамза аҽеиҩшамҭазы Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа рҿы африкатәи аҳәамырза ашьҭамҭа рбеит, уи азы ақыҭақәа Лаҭа, Чхалҭа, Гьынҵәыш, Ахара акарантин рыларҳәеит. Абри азы адҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Африкатәи аҳәамырза - иҿыцу чмазарам. Раԥхьаӡа акәны иара Аԥсны ирбеит 2007 шықәса рзы.