Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьонуа Кәыдрытәи аҩхааҿы ицәырҵыз аҳәамырзазы: анхацәа ааха ду роуит

Џьонуа Кәыдрытәи аиҩхааҿы аҳәамырзаразы: анхацәа ааха ду роуит
Анапаҵаҩра
Ажара ақыҭа ахада Сергеи Џьонуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәамырзазы Кәыдрытәи аҩхааҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, анхацәа ирыҭоу ааха атәы.
Ианеиҵаха 1000 хы раҟара аҳәақәа ԥсит, аҩны ирбаз анышә иарҭеит, аха абнахь ицаны иԥсуа ыҟоуп, зегьы рықәгара уадаҩуп ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараҿы Џьонуа.
"Ара инхо аӡәы жәахык иман, егьи 20, 40 змазгьы дубарын. Зыԥсы ҭоу ҳәа акгьы нымхеит, зегьы нҵәеит. Абынҳәаҵәҟьагьы иԥсны икажьуп. Изыхьыз ачымазара ҩымш-хымш еиҳаны изнеиӡом. Ихырқәақәо игылоуп, анаҩс аԥсы аахыҵуеит. Изыхьыз аанхашьа амаӡам, агәыр рҳәеит, аха акгьы ахәаӡом", - иҳәеит Џьонуа.
Ааха ду роуит анхацәа, аҳәақәа шьны иаларҵон, мааҭқәак дырҳауан ҳәа азгәеиҭеит Ажара ақыҭа ахада.
"Ара аҳәа ааӡара мариоуп, ашәыр рацәаны иҟоуп, акакан, араса каԥсо ианалаго дара бзиахоит, иаразнак ирыцлоит, иҿиоит азы ирацәаны ианырҵоит, аха иԥхасҭахеит зегьы",- иҳәеит Џьонуа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0