Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирплан Севастополь Амшынеиқәатә флот аштаб иеихсит

Аҭыԥ аҟны аус руеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа, иҟалаз шыҟалаз ҭырҵаауеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Украинатәи Арбџьармчқәа иртәу аԥырҩы дызҭам аҳаирплан Севастополь Амшынеиқәатә флот аштаб иеихсит, хәҩык ахәрақәа роуит ҳәа адырра ҟаиҵеит ақалақь агубернатор Михаил Развожаев.
Есышықәса ԥхынгәы аҵыхәтәантәи амҽышазы иазгәарҭо Урыстәыла Арра-мшынтә флот амш иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа ақалақь аҿы иаҟәырхит, ашәарҭадара иазхәыцны.
"Иахьа ашьыжь шаанӡа аукронацистцәа Урыстәыла Арра-мшынтә флот амш ҳалахь еиқәны ҳаԥыларц иҟарҵеит. Аштаб ашҭаҿ икарыжьит еилкаам аобиект, заанаҵтәи адыррақәа рыла, уи аԥырҩы дызҭам ҳаирплануп. Хәҩык ахәрақәа роуит, урҭ аштаб аусзуҩцәа роуп, аӡәгьы дҭамхаӡеит. Зегьы ацхыраара рыҭоуп. Аус руеит АШәМ аусзуҩцәа, иҟалаз шыҟалаз ҭырҵаауеит", — ҳәа аниҵеит губернатор.
Иара ақалақьуаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит имшәарц, ргәырҽанызарц, ус аламала рыҩнқәа ирдәылымҵларц.