Аԥсны

Аԥсны мчыбжьык ала шәҩык инареиҳаны ауааԥсыра аҿкы рыдбалоуп

Адунеи зегь аҟны еиԥш Аԥсныгьы COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц дәықәлеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik. Ԥхынгәы 25 инаркны нанҳәамза 1 рыҩнуҵҟа аҿкы зыдбалоу 141-ы ашәҟәы иҭагалоуп, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.

Быжьҩык Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рҽырхәышәтәуеит.

Уажәаԥхьа ареспублика атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа аҳәамҭа ҟалҵахьан, Аԥсны акоронавирустә инфекциа шьҭыҵраны иҟоуп ҳәа. Арҷелиаԥҳа иазгәалҭеит уажәазы аӡәгьы ачымазара хьанҭаны ишидбалам. Аиҳарак апациентцәа амбулатортә хәышәтәра иахысуеит.
Аԥсны
Едуард Быҭәба: ковид ацәқәырԥа ҿыц Аԥсны завымсит