АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Аҳаир-десанттә ар Рымш азы Аҟәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәыла Ҳасан Ҳаразиа анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ашҭаҿы еизеит Аҳаир-десанттә ар уаанӡатәии уажәтәии рлахәылацәа.
Ҳаразиа Ҳасан диит 1908 шықәса Мархьаул ақыҭан. Аибашьраан аҳаир-десанттә бригада напхгара аиҭон. Тула, Ориол, Смоленск аибашьрақәа дрылахәын. Ианашьан Ленин иорден, Аеҵәа ҟаԥшь аорден, Суворов иорден, иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьра аорденқәа ҩба. 1959 шықәсазы Уралтәи арратә округ ар ркомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс даҭан.
Аинрал-леитенант Ҳасан Ҳаразиа Урыстәылатәи Афедерациа Раменское ақалақь аҟны ибаҟа аартын 2018 шықәса нанҳәа 25 азы.