Аԥсуа еинрал ибаҟа аадыртит Москва

Анапаҵаҩра
Аԥсуа еинрал Ҳасан Ҳаразиа ибаҟа аартрахь днеиит Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Қьецба. Иара атәыла Ахада ихьӡала инашьҭыз ашәҟәы даԥхьеит.

АҞӘА, нанҳәа 26— Sputnik. Аинрал-леитенант Ҳасан Лагәысҭан-иҧа Ҳаразиа Урыстәылатәи Афедерациа Раменское ақалақь аҟны ибаҟа аартра иалахәыз ирызкыз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иажәа даҧхьеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Қьецба, абри атәы аанацҳауеит Ахада иофициалтә саит.

"Иҭабуп ҳәа расҳәоит ақалақь анапхгара, аскульптор, аиҿкааҩцәа, 100-тәи Свиртәи Арҟаԥшьтә гвардиатә хысратә дивизиа аветеранцәа Рхеилаки Урыстәыла Адесантуаа Реидгылеи абас еиҧш аҵак ду змоу ахҭыс аиҿкаареи амҩаԥгареи рзы. Ҳара зегьы ибзианы иаҳдыруеит Аҩбатәи адунеитә еибашьраан, асовет жәлар афашисттә Германиа иаҿагыланы ианықәгылаз адунеизегьтәи аҭоурых. Аҧсны аҵеицәа, аҭыҧҳацәа аган аҿы инымхеит афашизм иаҿагыланы ақәҧараҿы. Убарҭ аҵеицәа хьӡырҳәагақәа дыруаӡәкуп Ҳасан Лагәысҭан-иҧа. Уи аԥышәа змаз офицерк иаҳасабала 1941 шықәса инаркны 1945 шықәсанӡа аибашьра мҩа данысхьан. 1942 шықәсазы ахәра ӷәӷәа иоуз анаҩс иҽыхәышәтәны асовет ар деиҭанарылагылеит, дагьрылахәын изнынкымкәа иеиуеиԥшым арратә операциақәа", — ҳәа аҳәоит ажәахә аҟны.

Ҳасан Ҳаразиа дрылахәын Венгриа, Австриа, Чехословакиа ахақәиҭтәразы ицоз аибашьрақәа. Уи аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа атәыла анапхгара ахә ҳаракны иршьахьеит, ианашьоуп аҳәынҭқарратә, арратә ҳамҭақәа. Раменское ақалақь адесанттә ар ашьақәгылара иахыҵхырҭоуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Ҳара ҳаҭыр дуны иҳадаҳкылоит ахьӡ-аԥша амҩаҟны ҳџьынџьуаҩ аинрал, Раменское ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ — Ҳасан Лагәысҭан-иԥа Ҳаразиа ибаҟа ашьақәыргылара".

Абаҟа аартра ацеремониа иалахәын Москватәи аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0