Росавиациа Урыстәыла авиаеилахәырақәеи аҳаирбаӷәазақәеи 54 миллиард мааҭ рзынанашьҭит

Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп нанҳәа 5 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Росавиациа 54 миллиард мааҭ рзынанашьҭит Урыстәыла авиоеилахәырақәеи аҳаирбаӷәазақәеи. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа аофициалтә Telegram-канал аҿы.

"Атәыла анапхгара рнапынҵала Росавиациа 125,5 миллиард мааҭ аманы аҳәынҭқарратә цхырааратә программа нанагӡоит. 2022 шықәса нанаҳәа 1 азы Росавиациа 54 миллиард мааҭ рзынанашьҭит Урыстәыла авиоеилахәырақәеи аҳаирбаӷәазақәеи", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит 2022 шықәса мшаԥы-жьҭаара амзақәа рзы аҩнуҵҟатә цәаҳәақәа рҿы авиаеилахәырақәа имҩаԥыргаз апассаџьырмҩангараз аиҳабыра иазгәарҭаз 100 миллиард мааҭ рҟынтәи 35,8 миллиард мааҭ аԥаразоужьра мҩаԥган. Арахь иаҵанакит 32 авиаеилахәыра.
Аҽа 16,9 миллиард мааҭ рзырхан 20 авиаеилахәыра жәларбжьаратәии аҩнуҵҟатәии ареисқәа ахьаԥыхыз азы. Зынӡа абри иазоужьын 19,5 миллиард мааҭ, ацәынха ҳәа иазгәаҭоуп - 2,6 миллиард.
Урыстәыла рҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы иаларгалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп
Уи адагьы аусбарҭа 11 ҳаирбаӷәаза шәарҭоуп ҳәа ишьаны, Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы аԥкрақәа аланагалеит, урҭ аркуижьҭеи хәымз ирықәуп. Лаҵарамзазы ирызшәан 1,3 миллиард мааҭ хәажәкыра-мшаԥы амзақәа рзы. Нанҳәамзазы иазыԥхьагәаҭоуп 2,9 миллиард мааҭ аидарамҩангага авиаеилахәырақәа ԥшьба аԥара рызшәара.
Росавиациа иазгәанаҭоит арҭ ауснагӡатәқәа ишалдыршаз аҩныҵҟатә цәаҳәақәа рҟны аусура, иарку аҳаиртә баӷәазақәа ринфраструктура аныҟәгареи аперсонал рныҟәгареи алдыршеит.
Жәабран 24 азы аҳаирбаӷәазақәа шәарҭоуп ҳәа ишьаны, Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы аԥкрақәа аланагалеит. Уиижьҭеи изныкымкәа иаларгалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацырҵахьеит. Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста. Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа аус шыруц ируеит.
"Аерофлот" лаҵара фба инаркны Ҭырқәтәылаҟа аԥыррақәа еиҭарылагоит