Украина ААУ аҟны ирҳәеит HIMARS ахархәара аламҭалаз ЕАА ишразҵаауа

Украина арратә ԥшыхәра ахаҭарнак иҳәеит HIMARS ахархәара аламҭалаз ЕАА ишразҵаауа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 -Sputnik. Киев америкатәи аицҭырҟьаратә ракетақәа HIMARS рхархәараан ацәҟьарақәа рышьақәыргыларазы Вашингтон иазҵаауеит. абри атәы иҳәеит Украина атәылахьчара аминистрра аԥшыхәратә усбарҭа хада ахаҭарнак Вадим Скибицки.
Иара иажәақәа рыла украинаа "уажәтәи аамҭа арежим ала" ироуа аинформациа рхы иадырхәоит.
"Скибицки иазгәеиҭеит аракета аҭырҟьара аламҭалаз атәылақәа рыҩба рыԥшыхәрақәа русзуҩцәа рыбжьара имҩаԥысуа аицәажәарақәа Вашингтон алшара шарҭо иарбанызаалак ажәылара аанкыларазы, уи ажәылара дара (америкаа-аред.) уи аҭахны ирымбозар"? - аҩуеит агазеҭ аԥшыхәыҩ иажәақәа ааго.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар аицҭырҟьаратә ракетақәа "HIMARS" ҩ-цырак Харьков иҭадырхеит
Скибицки изымҳәеит УАМ ахысрақәа раан америкатәии британиатәии аспутникқәа рхы иадырхәоу иадмырхәоу, аха иҳәеит урҭ "рҭыхымҭақәа шшьахәу".
"Абри аусхк аҿы Еиду Акралра аҟынтәи ҳпартниорцәеи ҳареи ҳусура еимабзиоуп. Аимадара бзиа рыбжьоуп ҳаԥшыхәратә усбарҭақәа", - иҳәеит украинатәи аԥшыхәра ахаҭарнак.
Жәабран 24 азы излагаз арратә операциа ҷыда ашьҭахь ЕААи урҭ НАТО аҿтәи рыдгылаҩцәеи Украина аибашьыгатә техникала аибыҭара иалагеит. Американ ахада Џьо Баиден инапы аҵеиҩит киевтәи арежим арратә, аекономикатә, агуманитартә цхыраара аҭаразы 40 миллиард доллар азынашьҭызарц азы азакәан апроект.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Песков Америка Украина бџьарла иахьеиқәнаршәо азы: ррыцҳара иацнаҵоит
Ииасыз амчыбжь азы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен ҭелла даниацәажәоз иҳәеит ари аимак аамҭа ишацнаҵо, аԥсыҭбарақәа шаррацәо.
Лаврови ЕАА аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи Украина иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит