Украинатәи арыц зқәу аӷба Ҭырқәтәыла игәарҭоит

Урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭразы иҟаз аԥкарақәа раԥыхрази украинатәи арыц алгара ацхраарази аилаӡара рнапы аҵаҩын Стампыл ԥхынгәы 22 рзы. Уи азы иаартын ишәарҭадоу - Одесса, Черноморск, Иужныи рбаӷәазақәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Џьықәреила иҭәны Одессатәи абаӷәаза иҭыҵыз аидармҩангага Ҭырқәтәыла ишааилак акомиссиа агәаҭара иахнажьуеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Стампылтәи акоординациатә центр ахаҭарнак Озџьан Алҭунбулак иажәақәа шьаҭас иганы.
Агәаҭаратә комиссиа иалахәхоит Урыстәылеи, Украинеи, Ҭырқәтәылеи, Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи рхаҭарнакцәа.
Уи аԥхьа Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәахьан, Сиерра-Леоне абираҟ иаҵагылоу аӷба Razoni, џьықәреила иҭәны Одессатәи абаӷәаза иҭыҵит, нанҳәа 2 рзы Стампыл иҟалоит ҳәа.
Арыц зқәу раԥхьатәи аӷба украинатәи абаӷәаза ннажьит
Стампылтәи акоординациатә центр ахаҭарнак иажәақәа рыла, аӷба амҩа аспутникқәа рыла иашьклаԥшуеит. Агәаҭара ашьҭахь аӷба Ливанҟа идәықәлоит.
Ԥхынгәы 22 азы Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭразы иҟаз аԥкарақәа раԥыхрази украинатәи арыц алгара ацхраарази аилаӡара рнапы еицаҵарҩит.
Иазгәаҭоуп, украинатәи арыц Амшын еиқәала амҩангара мҩаԥыслоит еицеиқәшаҳаҭны иазԥырҵәаз ишәарҭадоу амҩа ала — Одесса, Черноморск, Иужныи абаӷәазақәа рыла.
Украинатәи арыц ада адунеи амлакра азыԥшуп: ииашоу ипропагандоу