Украинатәи арыц ада адунеи амлакра азыԥшуп: ииашоу ипропагандоу

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУборка пшеницы в Краснодарском крае
Уборка пшеницы в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, ЕАР урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭразы иҟаз аԥкарақәа раԥыхрази украинатәи арыц алгара ацхраарази аилаӡара рнапы еицаҵарҩит. Иамоума Украина ус еиԥш аҽаҩра, ари азҵаара еилиргоит РИА Новости автор Вадим Павлов.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аглобалтә жәабжьқәа рҿы еиҳа излацәажәо темоуп афатәаалыҵ азымхара. Адунеи афатә-ажәтә агхарц азы Урыстәыла Украина ахымҩаԥгашьала ари азҵаара "арцыхцыхуеит" ҳәа ахырҳәаауеит.
Ҿҭыӡәӡәаала ицәажәоит мраҭашәаратәи адипломатцәа реиԥш, урҭ рымаҵ зуа АИХқәагьы. "Урыстәыла асанкциақәа раԥыхразы, афатә бџьарҵас ахы иархәаны, адунеи амлакра иҭанаргылоит", абас зымҳәо дмаҷуп аҵыхәтәшантәи аамҭазы.
Мраҭашәара агәаанагарала, излаԥнаҵозеи Урыстәыла ари аҩыза аҭагылазаашьа? Украинатәи арыц алгаразы аӷбақәа ирҿагылоит, арыц аӷьычуеит, амца анаркуеит, ашьҭаҵарҭақәа ԥнажәоит, ма амҩақәа ирылахысуеит. Еицҿакны абас рҳәоит мраҭашәаратәи АИХқәа, аполитикцәа. Ари зегьы, уезгьы афатә азымхаразы иҟоу аҭагылазаашьа аруадаҩуеит.
Ганкахьала, иҟоу агәаанагарақәа рыла, Украина адунеи рыцла еиқәзыршәо тәылоуп ҳәа уҳәар алшоит. Ари азҵаара инадҳәаланы мраҭашәаратәи АИХқәа ирыҩуеит: "Урыстәылеи украинеи адунеитә џьармыкьахь 30 процент ачалыҵ наргоит" ҳәа.
Колосья пшеницы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2022
Лавров еиҭеиҳәеит украинатәи арыц алгараз иҟоу аԥҟарақәа
Ари ииашоуп, аха аҳәоу ажәа "Урыстәыла" амхзар, украинатәи арыц аҵакы шдуугьы, зыда ԥсыхәа ыҟам акакәны изыҟалом.
Урыстәыла, ииашаҵәҟьаны адунеитә ҭахра рыцла ахарҭәаараз иналукааша тәылоуп. Уи ус шакәу убоит ЕАР афатәи ақыҭанхамҩатәи аалыҵ аиҿкаара адыррақәа уанрыхәаԥшуа.
Урыстәыла ачарыц аарыхраҿы ахԥатәи аҭыԥ амоуп, алгараҿы иреиҳау ҳәа ишьоуп (Индиеи Китаии рчарыц зегьы аҩнуҵҟатә џьармыкьахь инарышьҭуеит).
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара иамоу адыррақәа рыла, 2020 шықәсазы 37,3 миллион тонна ачарыц атәыла иалнагеит, абри алагьы адунеи иаланагало Урыстәылатәи ахәҭа 20,4 наӡына инаӡоит. Украина - 18 миллион тонна.
Абасала, ари азҵаараҿы Украина Урыстәыла иадҳәаламкәа рацәаӡак узызхьаԥшша акакәны иҟам.
Аха мраҭашәаратәи АИХқәа дара еидырҳәалоит украинатәи ачарыц аекспорт апроблема амца аҵарҵарц.
Подписание соглашения по экспорту зерна с Украины - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2022
Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара афатә иазку аилаӡара рнапы еицаҵарҩит
Аҭагылазаашьа убасеиԥш иаадырԥшуеит – адунеи зегь Украина анапы ианыԥшылошәа, 25 миллион тонна арыц ара иҭахыркаазшәа.
Украинатәи ачарыцтә ассоциациа (УЗА) ахада Николаи Горбачев арыц азы Жәларбжьаратәи ахеилак имҩаԥнагаз аконференциаҿ иҳәеит, Украина аҵакыраҿы 30 миллион тонна арыц ыҟоуп ҳәа.
Ус аума? Еилҳаргап.
Украинатәи аинформациа-аналитикатә маҵзура "АПК-Информ" адыррала 2021 шықәсазы Украина 83,7 миллион тонна арыц аарыхын.
Иҳаҩсыз ашықәс (01.07.2021 - 31.12.2021) аамҭа аҩнуҵҟа арбагақәа рыла Украина 32,2 миллион тонна аекспорт ахь инанашьҭит. Арратә аоперациа ҷыда иалагаанӡа - 01.01.2022 - 24.02.2022 аамҭа аҩнуҵҟа аҽа 11,1 миллион тонна алнагеит.
Ус анакәха аоперациа ҷыда алагамҭаз Украина 40,4 миллион тонна арыц ыҟазар акәын.
Анаҩс иагҳархап иара Украина ахаҭа аҭахрақәа.

Арыц азы Жәларбжьаратәи ахеилак 27,8 миллион тонна аҩнуҵҟатә ныхра иагоит ҳәа иаԥхьаӡоит, USDA— 28,5 миллион тонна. 28 миллион рҟынӡа инаагар - Украина есымза 2,3 миллион тонна арыц ннахуеит. Ииасыз ашықәс ԥхынгәымза инаркны ари ашықәс жәабранмза аҟынӡа иҳаԥхьаӡар — 18,7 миллион тонна ҟалоит.

Ус анакәха Украина аоперациа ҷыда ианалагоз инханы иҟалоз 21,7 миллион тонна арыц акәын.
Аоперациа ҷыда иалагазар аахыс ԥшьымз ҵуеит. Ари аамҭала егьа имаҷзаргьы 4,6 миллион тонна "рфар акәын". Убри аан аекспорт шылаҟәызгьы аҭыԥ аман. Абри аамҭала ианеиҵаха 3,05 миллион тонна арыц атәыла иалган.
Ус анакәах Украина 14 миллион тонна арыц ауп иаанхаз.
Абас ала ирмариоу аматематика ЕАА ақыҭанхамҩа аминистрра адыррақәа ирықәшәоит. Дара рыҭҵаарала ақыҭанхамҩатә шықәса Украина ихыркәшан 13,4 миллион тонна арыц аманы.
Президент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2022
Путин Шольци Макрони драцәажәеит афатә иадҳәалоу ашәарҭадара азҵаарақәа рзы
Ус анакәха Џьо Баиден Украина 20 миллион тонна, Урыстәыла залгара иаԥырхагоу, арыц ыҟоуп ҳәа ииҳәаз абантәиааигеи? ЕАА ақыҭанхамҩа аминистррагьы аҭагылазаашьа зеиԥшроу анадыруа абжьы замыргои? Иароуми аԥхьаӡарақәа мҩаԥызгаз...
13-14 миллион тоннагьы бжьаратәуп, избанзар Украина акоррупциа иҟоу зегьы ирдыруеит. Ачарыцгьы "ашьҭахьтәи ашә аҟынтәи" атәыла алгара аҭыԥ шамоу зҵаара цәырнагом.
2020 шықәсазы Украина имҩаԥган Аҳәынҭрезерв агәаҭара. Уи ишьақәнаргылеит арыцҵәахырҭақәа 97 процент ишҭацәыз – "аҭаҵәах аҳәынаԥқәа ирфеит".
Иаанхаз х-процентк ракәзар, ибааит.
Асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа урызхәыцыр, аҵыхәтәантәи аамҭазы Украина граммк ачарыц ӷьычым ҳәа агәра узгом.
Повседневная жизнь в Бердянске - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Раԥхьатәи аидарамҩангага-ӷба арыц аманы Бердиансктәи абаӷәазантәи идәықәлеит
Нас иабантәиааргеи 25-30 миллион тонна ачарыц шьҭоуп атәыла алгара иазыԥшны ҳәа Украина аиҳабыра, Мраҭашәаратәи атәылақәа, АИХқәа?
Сынтәа, Украина аграртә политикеи афатәааглыхреи рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тарас Высоцки иазыԥхьагәаҭарала 50 миллион тонна арыц аарыххоит.
Урыстәыла акәзаргьы 130 миллион тонна иазыԥшуп.
Владимир Путин иҳәеит атәыла шазыхио адунеитә џьармыкьақәа рахь 50 миллион тонна арыц анашьҭра.
Ус анакәха УА иӡыз украинатәи арыц ханарҭәаар алшоит адунеитә џьармыкьақәа рҿы.
Мраҭашәара азхәыцыр бзиан, ииашаҵәҟьаны адунеи аҟны афатә азымхара азҵаара иаԥырхагоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0