Аԥсны

Бжьаниа: Аԥсны газла аиқәыршәара асхема ашықәс нҵәаанӡа ирхиахоит

2021 шықәса ԥхынҷкәын 10 азы анапы аҵаҩын Аԥсны газла аиқәыршәаразы амҩатә хсаалага ашьақәырӷәӷәараз Аиқәшаҳаҭра.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Аԥсны газла аиқәыршәара асхема ашықәс нҵәаанӡа ирхиахоит, абри атәы иҳәеит ареспублика ахада Аслан Бжьаниа Sputnik Ближнее зарубежье аинтервиу анеиҭоз.
"Ииасыз ашықәс азы апроектҟаҵараз аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩит, сынтәатәи ашықәс нҵәаанӡа "Аԥсны Аҳәынҭқарра газла аиқәыршәара асхема" захьӡу ашәҟәқәа ҳнапаҿы иҟалоит. Уа зегьы еилыкка иарбахоит, ианыԥшуеит аусурақәа рцашьеи ахәԥсақәеи, аамҭеи", - иҳәеит иара.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ари аус анагӡара Аԥсны ишаҭаху, агаз афымцамч альтернативак аҳасабала иахьаиуа азгьы.
"Аԥсны аинвистициа дуқәа алазгалар зҭаху агәрагара рымазар рҭахуп фымцала ишеиқәыршәахо. Агаз шьаҭас измоу аиҭашьақәыргыларатә станциақәа рыргылара алшоит, уи ахарџь рацәа аҭахуп, аха аҵахәтәаны рхахә ршьоит", - иҳәеит ахада.
Бжьаниа агәра игоит, агаз ахә Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи ахәқәа ишраҟарахо азы. Аԥсны ауааԥсыра ари аус гәырӷьарыла ирыдыркылап ҳәа дахәаԥшуеит ахада.
Арадио
Арӡынба: агаз мааҭла аахәаразы Урыстәыла Абанк хада аганахьала аԥкрақәа аԥыхтәуп